Давиҭ Залкалиани  Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩы Анн Линде дылҧылеит
Давиҭ Залкалиани  Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩы Анн Линде дылҧылеит

Аҳәынҭқарратә церемониақәа рхан аҿы Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании  Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩы, Швециа адәныҟатәи аусқәа рминистр  Анн Линдеи реиҧылара мҩаҧысит.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу жәларбжьаратәи аиҿкаараҿы Швециа ахантәаҩра аан аҧыжәара змоу азҵаарақәа иреиуп Урыстәыла – Қырҭтәылатәи аимак аҭыҧқәҵара апроцесс алахәызаара.

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра адыррақәа рыла, аиҧылараҿы иазааҭгылеит Цхинвал ампыҵахалатә режим рыла  Қырҭтәыла атәылауа Заза Гахелаӡе закәандарала иаанкылара азҵаарагьы. Давид Залкалиани иаҵшьны иазгәеиҭеит Қырҭтәыла атәылауаҩ зыҧшра ҟамҵакәа ихақәиҭтәразы жәларбжьааратәи адгылара иамоу аҵакы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа даҽазнык иаҵшьны иазгәарҭеит аимак аҭынчмчҩала аҭыҧқәҵара ишазҿлымҳау. Давиҭ Залкалиани Анн Линде ҭабуп ҳәа леиҳәеит ари апроцесс аҽалархәразы.