Давиҭ Залкалиани – Атәыла мраҭашәаратә хырхарҭа мап ацәнакит ҳәа ирҳәо ииашам, аоппонентцәа аҭак злараҳҭо аконкреттә алҵшәақәа иҟоуп
Давиҭ Залкалиани – Атәыла мраҭашәаратә хырхарҭа мап ацәнакит ҳәа ирҳәо ииашам, аоппонентцәа аҭак злараҳҭо аконкреттә алҵшәақәа иҟоуп

Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани ишиҳәаз ала, атәыла мрҭашәаратә хырхарҭа мап ацәнакызшәа ирҳәо зегьы ииашам. Иара иажәақәа рыла, аоппонентцәа аҭак зларырҭаша аконкреттә алҵшәақә иҟоуп.

«Мраҭашәаратә хырхарҭа мап шацәаҳкыз шьақәзырҕәҕәо афактқәа абаҟоу? Иҵабыргны иуҳәозар, ҽакалоуп ишыҟоу. Қырҭтәыла  ЕЕ аҟны зхы иақәиҭу ахәаахәҭреи, авизалиберализациеи, ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи амоуп, НАТО алаларазы атәыла – аспирант ҳасабала ақәҿиаарақәа амоуп. Қырҭтәыла апрактикатә хархәагақәа зегьы амоуп, НАТО алахәыла еиҧш аус ауеит. Абри зегьы аҵыхәтәантәи  8-9 шықәса рыҩнуҵҟала иҳауз алҵшәақәа ракәӡами? Абарҭ аконкреттә алҵшәақәа рыла аоппонентцәа аҭак раҳҭоит.  Шәгәы ишҧаанаго, ауааҧсыра 75%  изыдгыло мраҭашәаратә хырҭарҭа мап ацәкра злаҟалои? Аоппозициаа алхрақәа зегьы раҧхьа  абри азҵаара рхы иадырхәар рҭахуп, аха, дара алхрақәа зегьы рҿы иаҵахеит», — иҳәеит  Давид Залкалиани.