Давиҭ  Залкалиани -  21-тәи ашәышықәсазы ампыҵахалатә мчқәа  Қырҭтәыла агәҭаны, Европа мрагыларатә ахәҭаҿы  Берлинтәи аҭӡамцқәа дыргылоит, уи ухаҿы иузаагом, уи ҳзақәшаҳаҭхом  
Давиҭ  Залкалиани -  21-тәи ашәышықәсазы ампыҵахалатә мчқәа  Қырҭтәыла агәҭаны, Европа мрагыларатә ахәҭаҿы  Берлинтәи аҭӡамцқәа дыргылоит, уи ухаҿы иузаагом, уи ҳзақәшаҳаҭхом  

Қырҭтәыла авице-аҧыза, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиани Адәныҟатәи аусқәа рминистрра жәашықәсатәи аҿиара аплан аӡыргара далагеит нанҳәатәи аибашьра ахцәажәара ала.

«Жәаха шықәса раҧхьа Урыстәыла жәларбжьаратәи аиҿкаара ишажәылаз аабеит, дара европатәи аконтинент аҿы ихьыҧшым аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә аҳәаақәа мчыла еиларгеит, уи иашьҭагылан Ҟрым аннексиеи егьырҭ атәылақәа рҿы агибридтә аибашьрақәеи.  Сынтәа ауаҩытәыҩса изинқәа рзы европатәи Аӡбара нанҳәатәи аибашьра ахәшьра иаша аҭаны, Урыстәыла аҧхықәра адырҵеит Аҧсни Цхинвалтәи арегиони рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа реилагаразы. Аҧсуааи ауаҧсааи ҳаицтәылаҩцәа Қырҭтәыла аихьӡарақәа рхархәара алшара рымам. 21-тәи ашәышықәсазы ампыҵахалатә мчқәа  Қырҭтәыла агәҭаны, Европа мрагыларатә ахәҭаҿы  Берлинтәи аҭӡамцқәа дыргылоит, уи ухаҿы иузаагом, уи ҳзақәшаҳаҭхом», — иҳәеит Давиҭ Залкалиани.