CNN -  Аҭелтә аиҿцәажәара аан Џьо Баиден Владимир Зеленски иеиҳәеит жәабран азы Урыстәыла Украина иажәылар шыҟало
CNN -  Аҭелтә аиҿцәажәара аан Џьо Баиден Владимир Зеленски иеиҳәеит жәабран азы Урыстәыла Украина иажәылар шыҟало

 

Џьо Баиден Владимир Зеленски иеиҳәеит жәабран азы Урыстәыла Украина иажәылар шыҟало, —   CNN ари аинформациа аланарҵәеит Аҩны шкәакәа Ашәарҭадаратә хеилак адырра шьаҭас иҟаҵаны.

Америкатә АИХ ишаарыцҳаз ала, Украина ахада Америка ахада диҳәеит «иаҳа иҭынчу аҳәамҭақәа» ҟаиҵаларц, иара ишазгәеиҭаз ала,  украинатәи аҧшыхәара ари ашәарҭара ҽакала иахәаҧшуеит. Зеленски ишиҳәаз ала,  агәамҵра атәыла аекономика ианыҧшыр ауеит. Украина анапхгара ахаҭарнак  CNN иеиҭаз аинтервиу инақәыршәаны, Зеленскии Баидени реицәажәара усҟак иҭынчымызт,  аха Аҩны шкәакәа аҿы ари аинформациа шьақәыдрымҕәҕәеит.

Украина анапхгара рдыррақәа рыла,  аҭелтә аиҿцәажәара аан Владимир Зеленски ипозициа шьақәирҕәҕәеит,  иара ишиҳәаз ала,  Урыстәыла аган аҟынтә ашәарҭара иҟоуп,  аха,  ажәылара шыҟало агәра игом.

Америкеи Украинеи рхадацәа 1 сааҭки  20 минуҭи ҭелла еиҿцәажәон.