Британиа ишаарыцҳаз ала акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵақәа рыҟаҵара иалагоит ҧхынҷкәын 8 инаркны
Британиа ишаарыцҳаз ала акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵақәа рыҟаҵара иалагоит ҧхынҷкәын 8 инаркны

 

Уаҵәы инаркны Британиа Ду  акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина аиура иалагоит. Авакцина еицыҟарҵеит афармацевтә еилахәырақәа Biontech-и Pfizer-и,  аҩаша инаркны ауааҧсыра акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа рзыҟаҵара иалагоит.

Атәыла агәабзиарахьчара аминистр Метт Ҳенкок  ишиҳәаз ала, уи адунеи азгьы Британиа Ду азгьы  «аҭоурыхтә фактуп».

Авакцинақәа зҭоу аконтеинерқәа Британиаҟа инаргоит Бельгиантә.

Раҧхьа иргыланы, авакцинациа иахысуеит авирус аҿагылара апроцесс иалахәы  аҳақьымцәеи,  80 шықәса еиҳаны изхыҵуа ауааҧсыреи, зықәрахь инеихьоу рыҩнқәа ирыҩноу атәылауааи.