Британиа акоронавирус азы алаҵақәа зымҽхак ҭбаау рыҟаҵара иалагоит
Британиа акоронавирус азы алаҵақәа зымҽхак ҭбаау рыҟаҵара иалагоит

Аҭоурыхтә  амш адунеи Британиеи рзы – иахьа Британиа Covid-19 азы алаҵақәа зымҽхак ҭбаау рыҟаҵара иалагоит.

Адунеи аҿы Британиа раԥхьаӡатә тәылахоит «Фаизери» «Бионтеки» иаԥырҵаз алаҵа ауааԥсыра ахьырзыҟарҵо.

ВВС адыррақәа рыла, раԥхьаӡа алаҵа 80 шықәса иреиҳаны зхыҵа атәылауаа, аҳақьымцәеи, зықәра инеихьо изхылаԥшуа атәылауааи ирзыҟарҵоит.

Алаҵақәа раԥхьаӡатәи адоза 800 000 иаҟарахоит. Британиаҿ аархәахьеит 40 миллион доза, уи 20 миллионҩык ирызхоит.