Борџьоми аиҳареи аминистрцәа ркабинети ақалақь анҭыҵ аилатәара мҩаҧыргоит
Борџьоми аиҳареи аминистрцәа ркабинети ақалақь анҭыҵ аилатәара мҩаҧыргоит

Борџьоми аиҳареи аминистрцәа ркабинети ақалақь анҭыҵ аилатәара мҩаҧыргоит. Аиԥылара напхгара азиуеит Аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили.

Афракциа «Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы Мамука Мдинараӡе ажурналистцәа ишреиҳәаз ала,  аиҧылараҿы наҟ-наҟтәи апланқәа ирылацәажәоит.

«Лымкаала, Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иинициативла еиқәыршәаз жәашықәсатәи аплан ҳалацәажәоит, аминистрцәеи иашьашәалоу аекспертцәеи аплан аус адырулоит.

Абарҭ азҵаарақәа рылацәажәаразы амш дук ҳҭахуп,  Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили апарламент ашҟа днеиаанӡа иӡбатәу азҵаарақәа рацәоуп», — иҳәеит Мамука Мдинараӡе.