Бырзентәылaҿ 5,2 aмaгнитудa aмч змaз aдгьылҵысрa ҟaлеит
Бырзентәылaҿ 5,2 aмaгнитудa aмч змaз aдгьылҵысрa ҟaлеит

Бырзентәылaҿ 5,2 aмaгнитудa aмч змaз aдгьылҵысрa ҟaлеит. Ари aтәы aaнaцҳaит Еврониус.

Адгьылҵысрa ҕәҕәa aдгьылбжьaхa Кретa aҿы aшьыжь, aсaaҭ 07:40 рзы, 66 км aҵaулaрaҿ иҟaлеит.

Кретa, Ҳерклион aқaлaқь aaигәaрa иҟaлaз aдгьылҵысрaaн aилaҳaрaқәеи aaхaқәеи ирызку aдыррaқәa лaрҵәaм.