Бырзентәыла хымштәи алахьеиқәҵаратә мшқәа рылаҳәоуп
Бырзентәыла хымштәи алахьеиқәҵаратә мшқәа рылаҳәоуп

Бырзентәыла Аҧыза-министр Алеқсис Ципрас атәылаҿы хымштәи алахьеиқәҵаратә мшқәа рылеиҳәеит.

Аҧыза-министр иҳәамҭала,  атәылаҿы уажәгьы амца арцәара иаҿуп.

Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла. Бырзентәыла, абна абылра амшала иҭахеит 60ҩык  иреиҳаны ауааҧсыра. Шәҩыла ауааҧсыра  аахақәа роуит. Евроеидгыла иалоу аҳәынҭқаррақәа Бырзентәыла аиҳабыра ацхыраара рырҭахьеит.