Биниамин  Нетаниаҳу  Қырҭтәыла даҭабууп адгылара ҕәҕәа азыҳәан
Биниамин  Нетаниаҳу  Қырҭтәыла даҭабууп адгылара ҕәҕәа азыҳәан

Израиль Аҧыза-министр  Биниамин  Нетаниаҳу тәылақәак, Қырҭтәылагьы инрылаҵаны, ҭабуп ҳәа реиҳәеит  Израиль иазаадырҧшыз адгыларазы.

«Шәхьҳадгыло азыҳәан, атеррористтә жәыларақәа рҟынтә ахыхьчаразы иҳамоу азин шәахьақәшаҳаҭу азыҳәан ҭабуп ҳәа шәасҳәоит», — иҩит Нетаниаҳу  Twitter аҿы.