Биӡина  Кулумбегов – Акоронавирус ачымазара зхызгаз ауааҧсыра "омикрон" аштамм  аҿкаара аганахьала хәынтә еиҳаны ашәарҭара иҭагылоуп
Биӡина  Кулумбегов – Акоронавирус ачымазара зхызгаз ауааҧсыра "омикрон" аштамм  аҿкаара аганахьала хәынтә еиҳаны ашәарҭара иҭагылоуп

Аллерголог-иммунолог  Биӡина  Кулумбегов, иҳәамҭала, акоронавирус ачымазара зхызгаз ауааҧсыра “омикрон” аштамм  аҿкаара аганахьала хәынтә еиҳаны ашәарҭара иҭагылоуп.

Иара убас, Кулумбегов игәаанагарала, ҩынтә алаҵа ҟазҵаз ауааҧсырагьы ҷыдала ашәарҭара иҭагыло агәыҧ иаҵанакәеит.

«Атәыла иаҳа ихиазароуп, агоспиталтә сектор аҿы аиарҭаҭыҧқәа иҟазароуп.

Абри авирус аӡәгьы дзацәцом ҳәа агәаанагара иҟоуп. Акоронавирус ачымазара зхызгаз ауааҧсыра “омикрон” аштамм  аҿкаара аганахьала хәынтә еиҳаны ашәарҭара иҭагылоуп. Иара убас,  ҩынтә алаҵа ҟазҵаз ауааҧсырагьы ҷыдала ашәарҭара иҭагыло агәыҧ иаҵанакәеит.

Зегьы раасҭа ихьчоуп  «абустертә доза» ҟазҵаз ауааҧсыра, аха,  рыцҳарас иҟалаз,  Қырҭтәыла урҭ реиҧш рацәам,  100 000ҩык иреиҳам.

Ауааҧсыра зегьы акы еиҧшымкәа срыҳәоит, аҵыхәтәантәи алаҵа аамышьҭахь хымз иҵхьазар, даҽа дозак ҟарҵарц. Авакцина ахатә аҿҳәара амоуп. Ахҧатәи адоза ҟашәҵар,  80%-ла агарантиа шәымазаауеит авирус ҿышәкааргьы ачымазара ихьанҭамкәа ишымҩаҧысуа азы», — иҳәеит Кулумбегов.