Биӡина Иванишвили Гьаргь Гахариа изку аҳәамҭа ҟаиҵеит
Биӡина Иванишвили Гьаргь Гахариа изку аҳәамҭа ҟаиҵеит

Биӡина Иванишвили Гьаргь Гахариа изку аҳәамҭа ҟаиҵеит.

“Аполитикантә ацара аӡара адкылара ашьҭахь, Қырҭтәыла иҟоу аполитикатә процессқәа ирызкны аҳәамҭакгьы ҟасымҵаӡацт. Жәабран азы аҳәынҭқарреи анапхгареи имариам аҭагылазаашьаҿа ныҟаз, усҟангьы спозициа аасмырԥшит, сполитикатә интересқәа џьоукы аспекулиациақәа иаламгарц азы.

Сҭаацәара алахәылацәеи сҩызцәеи рҟынтә еилыскааит ажәлар ргәы иаанагоит Гьаргь Гахариа  ипартиа сполитикатә проектуп ҳәа. Убри аҟынтә ауаажәлар ари азҵаара иадҳәаланы алкаақәа рзыҟасҵарц сыӡбеит,” – иануп Биҿина Иванишвили иҳәамҭа аҿы.

Ԥасатәи Аԥыза-министр ишазгәеиҭаза ла, асателиттә псевдопартиақәа раԥҵара Қырҭтәыла шеишықәса рыбжьара аҭыԥ змаз ииашамыз апрактикан. 2011 шықәса инаркны иахьанӡа  апсевдопартиакгьы аԥҵамызт.

“Апсевдопартиа аԥҵара ииашам хтысуп, Гьаргь Гахариа иҟны аполитикатә усеицура адкылашаь амам. Сыԥсҭазаараҿ иҵегь ак џьасшьон ҳәа сгәы иаанагомызт, аха сынтәа жәабран азы ГЬаргь Гахариа иҟаиҵаз, иџьоушьаратәы иҟоцп,” – иҳәеит ԥасатәи аԥыза-министр.

Биӡина Иванишвили иҳәамҭаҿ ишану ала, жәабран азы Гьаргь Гахариа иҟаиҵаз, аҳәынҭҟарра ачарҳәроуп. Азакәан аиҳаӡара ианбанзаалак аҳәынҭқаара ашьаҭоуп. Иреиҳаӡоу аранг змоу аҳәынҭқарра ахаҭарнак азакәан данаӡагыло, ари иадҳәаланы инапынҵақәа аншьҭеиҵо, ари ацкьыс еиҳау аполитикатә аҵәгьаура аҟаҵара уадаҩуп.

“Сара ишьаҭаскыз аполитикатә партиа аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи, адемократиатә институтқәеи, аиашареи азакәан аиҳаӡареи иманшәаланы реиқәыршәарыеи рыдгылареи шалшо агәра зоит,” – ианун “Қарҭу́” аланарҵәаз Биӡина Иванишвили иҳәамҭа аҿы.