Бибилов: Қырҭтәыла амч ахархәара мап ацәнамкӡац
Бибилов: Қырҭтәыла амч ахархәара мап ацәнамкӡац

Аахыҵ Уаԥстәыла дефакто ахада Анатоли Бибилов аҳәамҭа ҟаиҵеит импыҵахалоу Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла амчра ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра мап ахьацәнакуа шаҳаҭра шауа арҭ ареспубликақәа рганахь ала Қырҭтәыла иахьагьы амч ахархәара аҽшацәхьанамкуа. Абри атәы аанацҳауеит  Ria.

“Иахьатәи аамҭазы Қырҭтәыла азыхианы иҟаӡам амчра ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, уи азы есышықәса Женева имҩаԥысуа аиҿцәажәарақәа рҟны ацәажәара шыҟоугьы. Ҳара ҳзы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала Қырҭтәыла амчра ахамырхәаразы адокумент анапаҵаҩра мап ахьацәнакуа шаҳаҭра ауеит арҭ ареспубликақәа рганахь ала Қырҭтәыла иахьагьы амч ахархәара аҽшацәхьанамкуа. Ҳәарада ҳара уи агәҭынчымра ҳазцәырнагоит”, — Аахыҵ Уаԥстәыла дефакто ахада иҳәоит Бибилов.