Баҭымтәи абульвар аҿы аинцидент ауашьрала ихыркәшеит
Баҭымтәи абульвар аҿы аинцидент ауашьрала ихыркәшеит

Баҭымтәи абульвар аҿы иҟоу адельфинариум ааигәара, хаҵак атәым тәылауаҩ дихәын, иҽишьит.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра аинформациа ала, аахақәа зауз аԥҳәыс ахәышәтәырҭахь днаган, лыԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы иҟоуп азакәанхьчаҩцәа. Аусԥшаара хацыркуп гәҭакылатәи ауаҩшьра ахәҭаҷла. Аинцидент амзызқәа идырым.