Баҭым ҵхыбжьонтәи апротесттә акциа аан иаанкылаз ауааҧсыра ахараҧса рықәырҵеит
Баҭым ҵхыбжьонтәи апротесттә акциа аан иаанкылаз ауааҧсыра ахараҧса рықәырҵеит

Баҭым ҵхыбжьонтәи апротесттә акциа аан иаанкылаз ауааҧсыра ахараҧса рықәырҵеит

Баҭым ақалақьтә аӡбараҿы иаха ҵхыбжьон акоронавирус иадҳәалоу аҧкрақәа раҧыхра аҳәара ала имҩаҧгаз акциа аан иаанкылаз ауааҧсыра русӡбаратә процесс хыркәшоуп.  Иаанкылоу  9ҩык ауааҧсыра рыцыҧхьаӡа  1 000 лари ахараҧса рықәырҵеит, даҽа ҩыџьа  —  1 500 лари.

«Ҳара ахараҧса ҳшәараны ҳаҟам, избанзар закәандарала ҳааныркылеит. Ҳаанымкылакәа ахараҧса ҳақәырҵар рылшон.  Ҳара ҳзы амч рхы иадырхәит, аха, ҳаргьы, акоменданттә сааҭ аҧырырхаанӡа апротесттә акциақәа мҩаҧаагалоит», — иҳәеит активист Фируз Ҵулукиӡе.