Баҭым амультимодалтә терминал аадыртит
Баҭым амультимодалтә терминал аадыртит

Қырҭтәыла амшынтә  қәыҧшылараҿы иакымкәа аинтерес ду зҵоу апроектқәа мҩаҧысуеит,  урҭ иреиуп аминералтә рҵәырақәа  рымҩангара иазку  атерминал,  араҟа аусура иалагоит  100ҩык иреиҳаны аҭыҧантәи ауааҧсыра,  ҳаҧхьаҟа иаҳа ирацәаны аҭыҧантәи ауааҧсыра абраҟа аусурҭа роуеит, — илҳәеит аекономика аминистр Наҭиа Турнава Баҭымтәи абаҕәазаҿы атерминал ҿыц аартра ацеремониаҿы данықәгылоз.

Наҭиа Турнава ишылҳәаз ала,  адунеи зехьынџьара аминералтә рҵәырақәа рзы аҭахрақәа азҳара иаҿуп,  избанзар,  апандемиа аамышьҭахь ақыҭанхамҩатә аалыҵи афатәаалыҵи рааглыхра азҳауеит.  Лара лажәақәа рыла,  зыӡбахәы ҳәоу апроект иаҳа-иаҳа иҭбаахоит,  хырҳагара ду ахылҵуеит,  аха,  зегьы реиҳа ихадоу,  абри апроект ала даҽазнык ишьақәдырҕәҕәоит  арегион аҿы  Қырҭтәыла алогистикатә центрс ишыҟоу.

Иахьа Баҭым иаадыртыз атерминал ҿыц аҿы шықәсык ала  1 500 000 тонна аминералтә рҵәырақәа аус рыдырулоит. Амультимодалтә терминал аҧара аларҵеит америкатә корпорациа  Trammo-и аилахәыра  Wondernet Exspress Investment Group-и.  Апроект иалаҵоуп  25 миллион адоллар.   Аартра ацеремониа рхы аладырхәит аекономика аминистр Наҭиа Турнавеи,   Узбекистан аинвестициақәеи адәныҟатәи ахәаахәҭреи азы аминистр ихаҭыҧуаҩ  Бахтиар Рахимови,  аилахәыра  Trammo ахада Едвард Ваинери,  аҭыҧантәи ацентртәи напхгара ахаҭарнакцәеи,  апроект аинвесторцәеи.