Баҭым акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи еиҿагылеит
Баҭым акциа алахәылацәеи азинхьчаҩцәеи еиҿагылеит

Баҭым имҩаҧысуаз акциа аан фҩык аанкылоуп, азинхьчаратә органқәа русзуҩк ааха иоуит.

«Иаку амилаҭтә ҵысра» алахәылацәа Аҷара аиҳабыра рыҩны  мчыла иҩналар рҭахын, аха азинхьчаҩцәа азин анрырымҭа, аганқәа рхаҭарнакцәа аимак рыбжьалеит.

Аҷара аполициатә усбарҭа анапхгаҩы Константин Ананиашвили ишиҳәаз ала, аиҿагылара аан аполициа аусзуҩ игәы рахәымкәа ибан, ахәышәтәырҭахь дыргеит.  Адемонстрантцәа рыхәҭак уажәгьы  Аҷара Аиҳабыра рыҩны аҧхьа игылоуп.

Акциа алахәылацәа жьҭаара 31 рзы имҩаҧгаз алхрақәа рылҵшәақәа раҧыхреи аҿыц алхрақәа рымҩаҧгареи иаҳәоит.