Баҭым, аиқәырхаҩцәа, еилаҳаз акорпус аҧҽыхақәа рҟынтә  даҽаӡә дҭыргеит
Баҭым, аиқәырхаҩцәа, еилаҳаз акорпус аҧҽыхақәа рҟынтә  даҽаӡә дҭыргеит

Баҭым, аиқәырхаҩцәа, еилаҳаз акорпус аҧҽыхақәа рҟынтә  даҽаӡә дҭыргеит.

Уааҵәҟьа аус зуа Актәи аканал ажурналист ишааицҳаз ала, иара иҧсы ҭоуп, амедицинатә цхыраара ирҭоит.

Аҷыда ҭагылазаашьақәа рмаҵзура ахаҭарнакцәа аҧшаара-аиқәырхаратә усурақәа нарыгӡоит.

Баҭым, лаҵара 26 амҩаҿы, анхарҭатә корпус еилаҳаит.  Иҟоу аинформациа ала, акорпус иҩназ ауааҧсыра аҧҽыхақәа рыҵаҟа иаанхеит.

Аҧҽыхақәа зықәҳаз амашьынантә ахәыҷы дҭыргеит. Аәхыҷы ахәыштәырҭашҟа днагоуп.

Ҧыҭраамҭак ашьҭахь даҽа хәыҷыкгьы деиқәдырхеит.