Азинхьчаҩцәа Поничала анаркотикқәа зҭиуаз жәҩык ааныркылеит
Азинхьчаҩцәа Поничала анаркотикқәа зҭиуаз жәҩык ааныркылеит

Хымз имҩаҧысуаз аоаперативтә уснагӡатәқәа рыбзоурала, акриминалтә полициа адепартамент ахаҭарнакцәа анаркотикқәа рыҭира ацәгьауратә схема аадырҧшит.

Қырҭтәыла Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа инақәыршәаны, азинхьчаҩцәа Поничала аҳаблаҿы анаркотикқәа зҭиуаз жәҩык ааныркылеит. Зыӡбахәы ҳәоу ацәгьауразы  8 шықәса инаркны  20 шықәсанӡа аҭакра иазҧхьагәаҭоуп.

Аусеилыргара адыррақәа рыла, зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра еиҧҟьарада анаркотикқәа рҭиуан. Дара ааныркылаанӡа,  азинхьчаратә органқәа рхаҭарнакцәа изныкымкәа дара рҟны агероин аархәахьан,  уи аамҭазы,  маӡала авидеонҵамҭа ҟарҵон.

2020 шықәсазы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа  анаркотикқәа зҭиуаз  71ҩык ааныркылеит,  урҭ ирыдбалоуп  40 кьыла агероин.