Ажьырныҳәa мзазы Қырҭтәылa иaҭaaит уаанӡа зеиҧш ҟамлац жәлaрбжьaрaтәи аныҟәаҩцәеи атуристцәеи
Ажьырныҳәa мзазы Қырҭтәылa иaҭaaит уаанӡа зеиҧш ҟамлац жәлaрбжьaрaтәи аныҟәаҩцәеи атуристцәеи

Қырҭтәылa Аекономикеи ишьaқәгылоу aҿиaреи рминистрра аинформациа ала, 2020 шықәсa aжьырныҳәaзы Қырҭтәылa иaҭaaит 633 000-ҩык иреиҳаны жәлaрбжьaрaтәи aҭaaҩцәa,  aри aрбaгa, ҵыҧхтәи иaшьaшәaлоу aaмҭa aҵкыс 19,8% рылa еиҳaуп. Атуристцәа рвизитқәа 18.9% рылa еиҳaуп.

Аусбарҭа аинформациа ала, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рҟынтә Қырҭтәыла иаҭааит уаанӡа зеиҧш ҟамлац аныҟәаҩцәа – Италиантә 133.1%, Польшантә – 82.9%, Франциантә – 46.8%, Лиетувантә – 43.7%.