Азербаиџьани Шәамахьтәылеи абҵара 16 рзы  аҳәааҿ аҭыԥ змаз аидыслареи аԥсыҭбарақәеи ирызку адыррақәа аладырҵәеит
Азербаиџьани Шәамахьтәылеи абҵара 16 рзы аҳәааҿ аҭыԥ змаз аидыслареи аԥсыҭбарақәеи ирызку адыррақәа аладырҵәеит

Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, абҵара 16 рзы Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рҳәааҿ аҭыԥ змаз аидыслараан иҭахеит бжьҩык азербаиџьантәи аруаа, жәаҩык аахақәа роуит. Аусҳәарҭа аинформациа ала, аҳәааҿ уажәы ҭынчроуп.

Шәамахьтәыла адыррақәа рыла, ҩганкалатәи ахысраан дҭахеит ашәамахь аруаҩык, жәахаҩык аахақәа роуит, 24-ҩык хабарда иӡит ҳәа иԥхьаӡоуп.

Абҵара 16 рзы Азербаиџьани Шәамахьтәылеи рҳәаатә зонаҿ ахысра ҟалеит. Азербаиџьан Атәылахьчара аминистрра аинформациа ала, абҵара 16 рзы Шәамахьтәыла атәылахьчаратә мчқәа рыхәҭақәа арратә операциа иалаган, Қелбаџьари Лачини иҟоу Азербаиџьан арратә позициақәа рхырхарҭала амца аадыртит. Ари азҵааразы азербаиџьантәи ашәамахьтәи коллегацәа рҟны аҭелтә аицәажәара иман Урыстәыла Атәылахьчара аминистр.

Евроеидгылеи Аусеицуреи ашәарҭадареи рзы Европатәи еиҿкаареи аганқәа рахь ааԥхьара ҟарҵеит аҭагылазаашьа аҭыԥқәҵаразы ирылшо зегь ҟарҵарц. Ԥыҭраамҭак ашьҭахь ахымца аанкылан.