Азербаиџьан акарантин аҿҳәара мшаԥымзанӡа иацырҵеит
Азербаиџьан акарантин аҿҳәара мшаԥымзанӡа иацырҵеит

Акоронавирус амзызла Азербаиџьан алагалаз акарантин аҿҳәара мшаԥымзанӡа ацырҵеит. Ари атәы рыӡбеит аминистрцәа ркабинет еилатәара аҿы.

Жәабран 1 инаркны аԥкрақәа рырмариара иалагоит. Аусура хацыркуеит аресторанқәеи акафеқәеи. Жәабран 25 инаркны аусура еиҭалагоит асалонқәеи аестетикатә медицина ацентрқәеи.

Апандемиа иалагеижьҭеи иахьанӡа Азербаиџьан акоронавирус 226549-ҩык рыдбалан, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 2983-ҩык.