Ахәаахәҭратә центрқәа раартра апроцесс крызҵазкәа аилагарақәа рыда имҩаҧысит
Ахәаахәҭратә центрқәа раартра апроцесс крызҵазкәа аилагарақәа рыда имҩаҧысит

Иахьа астстистика злаҟоу ала,  ахәаахәҭратә центрқәа раартра апроцесс крызҵазкәа аилагарақәа рыда имҩаҧысит, — илҳәеит Қырҭтәыла аекономика аминистр Наҭиа Турнава.

Лара лҳәамҭала , арегулиациақәа рырҧшқара анеҩс ,  хазхаҭалатәи асектор аҭакҧхықәра ду аанарҧшит.

«Ауааҧсыра зегьы рахь ааҧхьара ҟасҵоит ,  ҷыдала аҧсшьарамшқәа раан аҧҟарақәа зегьы нарыгӡаларц. Адәқьанқәагьы ахархәаҩцәагьы ари апроцесс иахылаҧшроуп ,  ҳаргьы ахылаҧшра ҳарҕәҕәоит.

Инеизакны иуҳәозар ,  аҭагызаашьа инормалуп.  Ҳара уи ҳаигәырҕьоит. Ашықәс Ҿыцтәи аныҳәақәагьы абри аҩыза аҭакҧхықәрала имҩаҧаагап ҳәа ҳгәыҕуеит», — илҳәеит Наҭиа Турнава.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала ,  ҧхынҷкәын 24 инаркны икылкаау аҧкрақәа рыхәҭак аҧырхуп ,  лымкаала ,  ахәаахәҭратә центрқәеи адәқьанқәеи аусура еиҭалагеит.