Аусеицуреи Ашәарҭдареи азы Европатәи Аиҿкаара иалоу атәылақәа Украина аҳәаа инаваршәны урыстәылатәи арбџьармчқәа рмобилизациа азҵаара иалацәажәеит
Аусеицуреи Ашәарҭдареи азы Европатәи Аиҿкаара иалоу атәылақәа Украина аҳәаа инаваршәны урыстәылатәи арбџьармчқәа рмобилизациа азҵаара иалацәажәеит

Қырҭтәылеи, Польшеи, Латвиеи, Литвеи, Ҭырқәтәылеи даҽазнык ишьақәдырҕәҕәеит Украина ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Украинатәи АИХ адыррақәа рыла, украинатәи аган, аиҧылара еиҿкааны, Урыстәыла адаргалеит зыӡбахәы ҳәоу ахҭысқәа ирыдҳәаланы аилыркаарақәа ҟарҵарц, аха, Москва аиҧылара рҽаладырхәырц рҭахымхеит.

Британиа Ду ахаҭарнакцәа урыстәылатәи ар ауранагӡара аргаматәра иаҳәан, аилатәара аҽалархәразы Москва мап ахьыркыз иадҳәланы ргәынамӡара аадырҧшит. Канада ахаҭарнакцәа  Урыстәыла азҵаара азықәдыргылеит, аурыс арбџьармчқәа  еснагьтәи ргыларҭахь ианбахынҳәуа ҳәа. Германтәылеи Франциеи Москвантә иаҳа инарҭбаау аҭак роур рҭахын. Швеицариа ахаҭарнакцәа Украина анапхгара ҭабуп ҳәа рарҳәеит абри аилатәара аиҿкааразы. Дара ишазгәарҭаз ала,  «рыхшыҩ азышьҭны ахҭысқәа ирыцклаҧшуеит».