Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  - Ауаажәларратә дырраҭара,  бжеиҳарала, неитралла алхратә кампаниа аанарҧшуан
Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  - Ауаажәларратә дырраҭара,  бжеиҳарала, неитралла алхратә кампаниа аанарҧшуан

Ауаажәларратә дырраҭара,  бжеиҳарала, неитралла алхратә кампаниа аанарҧшуан, убри аамҭазы, хазхаҭалатәи аилахәырақәа иаартны позициак иадгылон, — иҳәеит  Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара  анаҧшратә миссиа анапхгаҩы Альберт Джонсон.

«Актәи аканали Аҷареи Ауаажәларратә дырраҭарақәа, бжеиҳарала, неитралла алхратә кампаниа аадырҧшуан, аха, уи аамҭазы, хазхаҭалатәи аканалқәа  иаартны позициак иадгылон. Ателеканалқәа рыла бжеиҳарала аарҧшын апартиақәа рлидерцәа реиҿагылара афактқәа. Аполитикатә зҵаарақәа, ма аҭыҧантәи аҵакы змоу азҵаарақәа усҟак аарҧшымызт, убри аҟынтә, алхыҩцәа аинформациа ашьаҭала алхра аҟаҵара рцәыуадаҩын.  Каналқәак аҩбатәи атур аан адебатқәа реиҿкаара рҽазыркит, аха, адебатқәа зымҩаҧымсит, избанзар алахәыҩцәақәак уи рҭахымхеит», — иҳәеит  Альберт Джонсон.