Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла даҭаауеит
Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла даҭаауеит

Аусеицуреи Ашәарҭадареи азы Европатәи Аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Ҳельга Мариа Шмидт рашәара 14-16  рзы аофициалтә визитла   Қырҭтәыла даҭаауеит.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура адырра ала, зыӡбахәы ҳәоу аиҿкара амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвилии,  Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии, апарламент ахантәаҩы  Каха Куҷавеи, адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании, аинаалареи атәылауаҩратә аиҟарареи азҵарақәа рзы аҳәынҭқарратә министр Ҭеа Ахвледиании дырҧылоит.

Иара убас, Хельга Шмидт, ампыҵахалатә цәаҳәа иазааигәоу Ергнеҭи ақыҭашҟа днеины, Аинцидентқәа раҧыхреи рықәҿыҭреи амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа аилатәара лхы алалырхәоит.