Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аинформациа ала, „Омикрон“ ирласӡаны аларҵәара иаҿуп, аха агоспитальтә сектор азы ақәыҕәҕәара ацымлеит
Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аинформациа ала, „Омикрон“ ирласӡаны аларҵәара иаҿуп, аха агоспитальтә сектор азы ақәыҕәҕәара ацымлеит

Уажәазы Қырҭтәыла иҟоу аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи, агоспитальтә сектор аҿы аҭагылазаашьеи, авакцинациа апроцесси иалацәажәеит аҧыза- министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала иахьа аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы имҩаҧгаз Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аилатәараҿы. 

Ишазгәаҭаз ала, аштамм „Омикрон“ ирласӡаны аларҵәара иаҿуп, убри аҟынтә, атәылаҿы авирус аҿкаара  афактқәа рацәахеит, аха, агоспитальтә сектор азы ақәыҕәҕәара ацымлеит. Аспециалистцәа  ишырҳәо ала,   авакцинациа иахысыз ауааҧсыра „Омикронгьы“ „Дельтагьы“ имарианы ирхыргоит, авирус ҿызкааз ауааҧсыра ахәышәтәырҭашҟа рнагара аҭахым.  Аилатәараҿы даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан абустер дозала авакцинациа  аҵакы.  

Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак алахәылацәа ауааҧсыра рахь ааҧхьара ҟарҵеит авакцинациа апроцесс рхы аладырхәырц, асабрадақәа ныҟәыргаларц, асоциалтә дистанциа рыхьчаларц. Ишдыру ала, аиҳабыра рыӡбарала, 50 шықәсанӡа зхыҵуа ауааҧсыра ажьырныҳәа анҵәамҭанӡа акоронавирус аҽыхьчаратә вакцина ҟарҵар, аҳәынҭқарра аҟынтә 200 лари роуеит. 

Иара убас, ҳазну амчыбжь инаркны, авакцинациа иахысызгьы, иахымсызгьы, акоронавирус ачымазара зхызгазгьы ауааҧсыра рзы аҽыҧхьакреи акарантини аҿҳәарақәа рыҧсахит.  

Асимптомқәа змам, иара убас, имарианы ачымазара зхызго ауааҧсыра акарантин аҿы иҟазароуп 8 мшы, зҭагылазаашьа хьанҭахаз апациентцәа – 10 мшы. Аха, аҩ-категориак аҽыҧхьакра ашьҭахь 5 мшы хымҧада асабрадақәа ныҟәыргалароуп. 

Аҧыза-министр инапхгарла аус зуа Аусбарҭабжьаратә координациатә хеилак аусура активла иалахәып Қырҭтәыла апарламенти атәыла ахада лусмҩаҧгарҭеи.