Ауаажәларратә дырраҭара ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Ирина Ҧуҭкараӡеи ахеилак алахәыла  Бела Осиповеи Чехиа ацҳаражәҳәаҩ иҧылеит
Ауаажәларратә дырраҭара ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Ирина Ҧуҭкараӡеи ахеилак алахәыла  Бела Осиповеи Чехиа ацҳаражәҳәаҩ иҧылеит

Ауаажәларратә дырраҭара ахылаҧшратә хеилак ахантәаҩы Ирина Ҧуҭкараӡеи ахеилак алахәыла  Бела Осиповеи Қырҭтәыла иҟоу  Чехиа ацҳаражәҳәаҩ Пиотр Микиска  иҧылеит.

Аиҧылараҿы ахеилак алахәылацәа ацҳаражәҳәаҩ изеиҭарҳәеит Ауаажәларратә дырраҭара апланқәеи, аинституциа арҕәҕәаразы иҟаҵаз ашьаҿақәеи ирызкны.

Пиотр  Микиска Ауаажәларратә дырраҭара аҵакы дахцәажәан, иаҵшьны иазгәеиҭеит ахылаҧшратә хеилак аинституциа арҕәҕәара дшадгыло. Абри азҵаара иадҳәаланы,  аганқәа рхаҭарнакцәа ҳаҧхьаҟа  аконкреттә хырхарҭала аусеицуразы  аплан ҳәаақәырҵеит.