Автомобильқәа римпортиорцәа ирымаз азинҷыдақәа рыҿҳәара ацҵоуп рашәара 1-нӡа
Автомобильқәа римпортиорцәа ирымаз азинҷыдақәа рыҿҳәара ацҵоуп рашәара 1-нӡа

Аиҳабыра рыӡбара ала, автомобильқәа римпортиорцәа ирымаз азинҷыдақәа рыҿҳәара ацҵоуп рашәара 1-нӡа.

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили ишиҳәаз ала, 2019  шықәса жьҭаара 1 инаркны  2020 шықәса лаҵара 1нӡа, атәылашҟа иаагоу амашьынақәа рзы абаџьхшәаара аҿҳәара ацҵоуп рашәара 1нӡа.

«Абри азинҷыда рхы иадырхәар рылшоит атранспорттә хархәагақәа зтәу  19 000ҩык ауааҧсыра.  Иара убас, арҭ ауаа анаӡына  иақәынкылатәыз аицҵалыцгьы роуеит, Апандемиа аан абри аӡбара асектор аҿиареи аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иҟаз  арбагақәа рахь ахынҳәреи  иацхраауеит ҳәа сгәы иаанагоит», — иҳәеит Иракли  Ҕарибашвили.