Австриеи, Румынтәылеи,  Литвеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа урыстәылатәи ампыҵахаларатә цәаҳәаҿы иҟоу Оӡиси ақыҭа иаҭааит
Австриеи, Румынтәылеи,  Литвеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа урыстәылатәи ампыҵахаларатә цәаҳәаҿы иҟоу Оӡиси ақыҭа иаҭааит

Визитла Қырҭтәыла иаҭааиз Австриеи, Румынтәылеи,  Литвеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа, Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа ахаҭарнакцәа ирыцны,  урыстәылатәи ампыҵахаларатә цәаҳәаҿыы иҟоу Оӡиси ақыҭа иаҭааит.

Александр Шалленберги, Габриелиус Ландсбергиси,  Богдан Аурескуи Қырҭтәыла иаҭааит Аахыҵ Кавказ аҿы ртурне аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа анапхгаҩы Марек Шигель  аминистрцәа ирзеиҭеиҳәеит аҭыҧаҿы ашәарҭадареи агуманитартә ҭагылазаашьеи иазкны.

Евроеидгыла х-тәылак рминистрцәа анаҧшцәа рмиссиа ахаҭарнакцәа абри авизит азы ҭабуп ҳәа раҳәаны, иаҵшьны иазгәарҭеит Евроеидгыла Анаҧшцәа Рмиссиа аҭыҧаҿы ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи аиқәыршәараҿы инарыгӡо ароль.