Австриеи, Румынтәылеи, Литвеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла иаҭаауеит рашәара  25-26 рзы
 Австриеи, Румынтәылеи, Литвеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла иаҭаауеит рашәара  25-26 рзы

 Австриеи, Румынтәылеи, Литвеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла иаҭаауеит рашәара  25-26 рзы.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра адырра ала, Евроеидгыла иалоу атәылақәа рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла иаҭаауеит Аахыҵ Кавказ аҿы ртурне аҳәаақәа ирҭагӡаны, Еврокомиссиа Иреиҳаӡоу ахаҭарнак Жозеп Боррель имандат ала.

Александр Шалленберги, Габриелиус Ландсбергиси,  Богдан Аурескуи  Қырҭтәыла Аҧыза-министр  Иракли  Ҕарибашвилии адәныҟатәи аусқәа рминистр Давиҭ Залкалиании ирҧылоит.  Аминистрцәа ампыҵахалатә цәаҳәа ашҟагьы инеиуеит, анеҩс, АИХ рзы аҳәамҭақәа ҟарҵоит.

Австриеи, Румынтәылеи,  Литвеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа  Кавказ иаҭаауеит Мрагыларатә партниорра арегион аҿы иҟоу аимакқәа рылацәажәаразы.