Австриеи, Литвеи,  Румынтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла иаҭааит
 Австриеи, Литвеи,  Румынтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа Қырҭтәыла иаҭааит

Австриеи, Литвеи,  Румынтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа иаха Қырҭтәыла иаҭааит. Ари аинформациа алаирҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель.

«Австриеи, Литвеи,  Румынтәылеи рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа раара сеигәырҕьеит. Дара Қарҭ иаҭааит Аахыҵ Кавказ аҿы ртурне аҳәаақәа ирҭагӡаны, Евроеидгыла Иреиҳаӡоу акомиссар Жозеп Боррель имандат ала», — иҩит  Карл Ҳарцель  Twitter аҿы.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны, аминистрцәа ампыҵахалатә цәаҳәашҟа инеиуеит.

Убри анеҩс, х-тәылак рдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа ақырҭуа рколлега Давиҭ Залкалиании, насгьы, Қырҭтәыла Аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвилии ирҧылоит.

Аиҧыларақәа раан арегионалтә шәарҭадара азҵаарақәа ирылацәажәоит.

Амш анҵәамҭазы, европатәи адипломатцәа,  Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ахаҭарнакраҿы апресс-конференциа мҩаҧганы,  рвизит аихшьаала азыруеит.