Авице-аҧыза идуу ахәаахәҭратә аҳақәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы,  жәабран 1 инаркны ахәаахәҭрақәа аҳақәа раартра аплан иазкны драцәажәеит
Авице-аҧыза идуу ахәаахәҭратә аҳақәа рнапхгаҩцәа дырҧыланы,  жәабран 1 инаркны ахәаахәҭрақәа аҳақәа раартра аплан иазкны драцәажәеит

 

«Аҧкрақәа зегьы етапла, гәҽанызаарыла иҧыхтәуп,  ауаа реиҭаҵра иазҳар, уи ацынхәрас аҧкрақәак рааныжьра ҳақәшәоит», — илҳәеит авице-аҧыза Маиа Цқьитишвили ахәаахәҭратә аҳақәеи адәқьанқәеи рнапхгаҩцәа данырҧыла ашьҭахь.

Лара ишылҳәаз ала, аиҧылараҿы иалацәажәеит жәабран 1 азы ахәаахәҭратә обиектқәа анаадыртлак,  дара аинфекциа аларҵәара еиҭаламгарц азыҳәан аус шыруша.

Цқьитишвили ишылҳәаз ала, асабшеи амҽышеи рзы ахәаахәҭратә центрқәа зегьы анахарала мацара аус руеит,  атәылауаа ринфицирра арбага  4% раҵкыс иаҳа илаҟәыр, аиҳабыра иашьашәалоу ашьаҿақәа ҟарҵоит.

Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, жәабран 1 инаркны, Қарҭи, Қәҭешьи, Русҭавии адәқьанқәеи ахәаахәҭратә центрқәеи аусура еиҭалагоит.