Авакцинациа апроцесс рхы аладырхәыр рылшоит 55 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаагьы
Авакцинациа апроцесс рхы аладырхәыр рылшоит 55 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаагьы

Агәабзиарахьчара аминистр Екатерине Тикараӡе лажәақәа рыла, авакцинациа апроцесс рхы аладырхәыр рылшоит 55 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаагьы.

“Иахьа авакцинациа ахеилак еилатәара аҿы ҳахцәажәеит авакцинциа апроцесс азҵаара. Ахеилак аднакылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, авакцинациа апроцесс рхы аладырхәыр рылшоит 55 шықәса еиҳаны изхыҵуа атәылауаагьы. Уаанӡа авакцинациа апроцесс иалахәун 55-65 шықәса зхыҵуаз атәылауаа,” – илҳәеит аминистр.