Авакцинациа апрограмма ахархәара зылшо ауаа рсиа иаҳа иҭбаахеит
Авакцинациа апрограмма ахархәара зылшо ауаа рсиа иаҳа иҭбаахеит

Қырҭтәыла Агәабзиарахьчара аминистрра аҟынтә ишаарыцҳаз ала,   авакцинациа апрограмма ахархәара зылшо ауаа рсиа иаҳа иҭбаахеит.

«Авакцинациа ахархәара зылшо ауаа рсиа иацҵаны иалагалоуп:

«Закәанла Қырҭтәыла иҟоу атәымуаа  (авиза, ма анхара азин зыршаҳаҭуа адокумент змоу), дара Қырҭтәыла иааижьҭеит хымз еиҵамкәа иҵхьазар.

Апрограмма  «Қырҭтәылантә аус жәуы» иалахәы атәымуааи рҭаацәара алахәылацәеи.

Қырҭтәыла аҵара зҵо атәым студентцәа.

Қырҭтәыла аус зуа аҳәаанырцәтәи адипломатиатә хаҭарнакрақәа русзуҩцәеи рҭаацәарақәа рылахәылацәеи.

Қырҭтәыла импыҵахалоу аҵакырадгьылқәа ирықәынхо ауааҧсыра, ртәылауаҩра иахьыҧшымкәа.

Апенитенциартә усбарҭақәа рҿы иҟоу ауааҧсыра.