Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Мҭаҵминда ашьха анаараҿы аҳәаанырцәынтә иааз аҧҳәыс лыҧсыбаҩ аарҧшра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Мҭаҵминда ашьха анаараҿы аҳәаанырцәынтә иааз аҧҳәыс лыҧсыбаҩ аарҧшра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра Мҭаҵминда ашьха анаараҿы аҳәаанырцәынтә иааз аҧҳәыс лыҧсыбаҩ аарҧшра иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

Аминистрра адыррақәа рыла, аҧҳәыс дыбжьаӡит ҧхынгәы 30 рзы. Аҧшааратә усурақәа ианалага ашьҭахь, сааҭқәак рыҩнуҵҟала, ашьха анаараҿы аҧҳәыс лыҧсыбаҩ рбеит.

31 шықәса зхыҵуаз Австралиа атәылауаҩ  Шани Брук  дшыӡыз атәы асоциалтә аҳаҿы аинформациа алаирҵәеит лара лҩыза. Иара ишиҳәаз ала, хәылбыҽхан Шани Брук ҭелла  данлацәажәоз, лара Мҭаҵминда апарк аҿы дыҟан. Ишеицәажәоз,  Австралиа  иатәылауаҩу аҧҳәыс иаалырҟьаны илықәлеит. Ахаҵа иҳәамҭала, аҧҳәыс дшыҳәҳәоз иаҳаит.