Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра – Азинхьчаҩцәа, аинтенсивтә режим ала, анышәынҭқарқәа рахь анеира иазку арегулиациақәа рынагӡашьа иахылаҧшуеит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра – Азинхьчаҩцәа, аинтенсивтә режим ала, анышәынҭқарқәа рахь анеира иазку арегулиациақәа рынагӡашьа иахылаҧшуеит

Иахьа шьыжь инаркны, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа, Қырҭтәыла зехьынџьара, аинтенсивтә режим ала, анышәынҭқарқәа рахь анеира иазку арегулиациақәа рынагӡашьа иахылаҧшуеит, — иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аинформациаҿы.

«Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара инақәыршәаны,  акоронавирус аларҵәара аҽацәыхьчара амзызла, лаҵара  2 –  4 рзы атәылауаа анышәынҭрақәа рахь анеира азин рымам.  Зыӡбахәы ҳәоу аҧкра аилагаразы иазҧхьагәаҭоуп  2000 лари ахараҧса. Ақәиҭымтәра амч амам аҧсыжра мацаразы», — иануп аҳәамҭаҿы.