Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аполитикатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит аӡбара ақәҵара анагӡараҿы аполициа ирҧырхагамхарц
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аполитикатә партиақәа рахь ааҧхьара ҟарҵеит аӡбара ақәҵара анагӡараҿы аполициа ирҧырхагамхарц

 

 

 

«Ажәлар ишырдыруа ала,  жәабран 17 рзы Қарҭтәи ақалақьтә аӡбара аӡбаҩ Нино Чахнашвили ақәҵара лыдылкылеит Никанор Мелиа иаанкыларазы, ақәҵара анагӡара иадырҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра.

Аконституциа инақәыршәаны,  атәылауаа зегьы хымҧада аӡбара ақәҵара нарыгӡароуп.

Ҳара аполитикатә партиақәеи урҭ рыдгылаҩцәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит апротест ҟарҵарц аҭынчмҩала, аӡбара ақәҵара анагӡараҿы аполициа ирҧырхагамхарц.

Амчылара аҽазкра цыҧхьаӡа  иаразнакҵәҟьа  иҧыхзаауеит», — иануп аҳәамҭаҿы.