Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра – Алхратә процесс иалахәы ауааҧсыреи аиҿкаарақәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит рполитикатә хәаҧшырақәа ирхьыҧшымкәа, закәан иақәныҟәарц, ишәарҭам алагылазаараҿы алхрақәа рымҩаҧгара иаҧырхагамхарц

Атәылауаа рхы иақәиҭны,  ишәарҭам алагылазаараҿы алхра аҟаҵара рылшарц азыҳәан,  Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра атәыла зехьынџьара ашәарҭадареи азинеиҿкаареи еиқәнаршәоит, — ирҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.

Астратегиатә коммуникациақәа рзы адепартамент адиректор Қеҭеван Ковзиашвили абрифинг аҿы ишылҳәаз ала,   алхратә лагылазаара ашәарҭадара аиқәырәшара амзызла,  еиҿкаауп амобилтә гәыҧқәа.

Аминистрраҿы ишырҳәаз ала,  азинхьчаҩцәа  жәларбжьаратәи анаҧшратә миссиақәеи аҭыҧантәи  иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи,  Жәлар рыхьчаҩ иофиси активла аус рыцыруеит.

«Алхратә процесс иалахәы ауааҧсыреи аиҿкаарақәеи рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит рполитикатә хәаҧшырақәа ирхьыҧшымкәа, закәан иақәныҟәарц, ишәарҭам алагылазаараҿы алхрақәа рымҩаҧгара иаҧырхагамхарц», — ирҳәеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрраҿы.