Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра – Агәра ганы, хҳәаара аҭахымкәа ааҳацҳауеит Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа дшахымсыц, Украина дшалымҵыц
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра – Агәра ганы, хҳәаара аҭахымкәа ааҳацҳауеит Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа дшахымсыц, Украина дшалымҵыц

 

Михаил Саакашвили Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа дахымсыцт, Украина далымҵӡацт, — ари аҳәамҭа ҟаиҵеит Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ Алеқсандр Дарахвелиӡе.

«Ҳара украинатәи аган рҟны активла аимадара ҳамоуп, дара рҟынтә иҳауз аинформациа ашьаҭала, агәра ганы исҳәар сылшоит Михаил Саакашвили Украина далымҵӡацт.  Даҽазнык еиҭасҳәоит, Михаил Саакашвили  Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә аҳәаа дахымсыцт. Иара аҧшаараҿ дыҟоуп, азыӡба иқәырҵахьеит, аҳәаа дахысыр, даанкыланы абахҭа дҭаҳкуеит», — иҳәеит Алеқсандр Дарахвелиӡе.