Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  2020 шықәысатәи аҳасабырба цәырнагеит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра  2020 шықәысатәи аҳасабырба цәырнагеит

Ҳтәылеи ауааҧсыреи рзы иахьаҭаху зехьынџьара аполициа еснагь иҟан, егьыҟалоит.  Аминистрра аусзуҩ цыҧхьаӡа ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп хәы змам аусуразы, —  иҳәеит аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Вахтанг Гомелаури  «Аиҳабыра ажәлар ирызцәырырго аҳасабрба» аҳәаақәа ирҭагӡаны иара иусбарҭа 2020 шықәсазы имҩаҧнагаз аусура иазку аҳасабырба анцәыригоз.

Иара ишиҳәаз ала,  2020 шықәса акырӡа иуадаҩын, избанзар апандемиа амшала аиҳабырагьы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистррагьы русхәаҧштә  аҽаҧсахит.

«Апандемиа аан Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахәҭақәа уахгьы – ҽынгьы аус руан. Аблокпостқәа реиҿкаареи иаркыз ақалақьқәа рхылаҧшреи  ҳақәшәеит. Шәара ибзиаҵәҟьаны ишәгәалашәоит ҳполициа аусзуҩцәа  иакымкәа амзақәа ирылагщаны  абарҭ ақалақьқәа ишрылымҵуаз, рҭаацәарақәа рахь изнеиуамызт.  Аха, уезгьы, ҳара еиҧҟьарада ацәгьаура ҳаҿагылан», —  иҳәеит Гомелаури.

Иара ацифрақәагьы ааирҧшит:  2020 шықәсазы 5ҩык азакәантә ҕьычцәа ашьауҕа ҭакҧхықәа рықәҵан; 49ҩык аҕьычтә дунеи адгыларазы ахара рыдҵаны ибаандаҩыртәит; 71ҩык ауааҧсыра анаркотикқәа рыҭиразы аанкылоуп. Жәларбжьаратәи аусеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны,  анаркоацәгьауцәа ргәыҧ аарҧшын, урҭ ирыдбалан  40 кьыла  «героин»; аинтернет ала анаркотикқәа зҭиуаз 16ҩык аанкылоуп; аинтернетла анаркотикқәа зҭиуаз  13 адәқьанқәа иаркуп; аҧсихоактивтә маҭәашьарқәа ахьыҟарҵоз алабораториа аарҧшуп; закәандарала анаркотикқәа реикәшара аҟынтә иаҧыхуп  89 кьыла «героини» , кьылак акокаини,  7000  таблетка  «Суботекс»/«Субоксини» ,  6,5 кьыла аҿыц ҧсихоактивтә маҭәашьарқәеи.