Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра «Ҭбилиси Праид» иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра «Ҭбилиси Праид» иадҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра «Ҭбилиси Праид» амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысраны иҟоу ауснагӡатәқәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Ажәлар аинформациа раҳҭар ҳҭахуп  «Ҭбилиси Праид» амчыбжь аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧысуа ауснагӡатәқәа ирыдҳәаланы Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра имҩаҧнаго апрофилактикатә уснагӡатәқәа ирызкны.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа ауснагӡатәқәа реиҿкааҩцәа рҟны еиҧҟьарада аимадара рымоуп. Иахьатәи ауснагӡатә шәарҭада имҩаҧган.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра азинеиҿкаареи, ажәа ахақәиҭреи, аизара азини рыхьчаразы иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы мҩаҧнагоит.

Ҳара ажәлар рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит азакәан аҳәарақәа ирықәныҟәаларц, аполициа аусзуҩцәа рзакәантә аҳәарақәа нарыгӡаларц, мамзар, азинхьчаҩцәа, дара ирымоу азинмчы рхы иархәаны, зыҧшра ҟамҵакәа, азинеилагара афакт цыҧхьаӡа ишахәҭоу ала иақәҿырҭуеит», — иануп Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.