Аҩнуҵҟатәи аусқәа  рминистра - Иаанкылан 100-ҩык,  69-ҩык иарыжьҭит, 32-ҩык аԥхьакырҭаҿ иаанхоит
Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра - Иаанкылан 100-ҩык, 69-ҩык иарыжьҭит, 32-ҩык аԥхьакырҭаҿ иаанхоит

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра аланарҵәаз аинформациа инақәыршәаны, ԥхынгәы 6 рзы, Русҭавели имҩаду аҿы иҟалаз ахҭысқәа раан анкылан 100-ҩык, урҭ рҟынтә 69-ҩык рхы иақәиҭуп, 32-ҩык аԥхьаҟырҭаҿ иаанхоит.

Апатрультә полициа аусуҩцәа рыҿагылара ахарадҵарала иаанкылан ҩыџьа.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистра аинформациа ала, апатрультә полициа ахаҭарнакцәа Русҭавели имҩаду аҿы иҟалаз ахҭысқәа раан азакәан ала иазыԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥыргеит.