Аҩны шкәакәа - Баиден иадминистрациа Урыстәыла аганахьала иацҵаны асанкциақәа рымҩаԥгаразы аҽазыҟанаҵоит
Аҩны шкәакәа - Баиден иадминистрациа Урыстәыла аганахьала иацҵаны асанкциақәа рымҩаԥгаразы аҽазыҟанаҵоит

Аоппозициаа рхаҭарнак Алексеи Навальныи ахәшә иҭаны, иԥырхагахара иадҳәаланы, Баиден иадминистрациа Урыстәыла аганахьала иацҵаны асанкциақәа рымҩаԥгаразы аҽазыҟанаҵоит, – ари атәы “CNN” аинтервиу аҿы иҳәеит амилаҭтә шәарҭадара азҵаарақәа рзы ЕАШ ахада ибжьагаҩ Џьеик Саливан.

ЕАШ ахада ибжьагаҩ ишазгәеиҭаз ала, асанкциақәа ралагалара ашьҭахь, Вашингтон ахықәкы ииашаны шьақәнаргылоит. Џьеик Саливан иажәақәа рыла, Навальныи изку асанкциақәа ралагалара ашьҭахь, ЕАШ иашьҭанеиуа асанкциақәа химиатә абџьан иадҳәаланы аднакылоит.