Аҩытә бренд Lost Eden аалыҵ Америка 4 штатк рҿы аҭира иалагоит
Аҩытә бренд Lost Eden аалыҵ Америка 4 штатк рҿы аҭира иалагоит

Аҩы амилаҭтә агентра адыррақәа рыла, ақырҭуа аҩытә бренд  Lost Eden  аалыҵ Америка 4 штатк рҿы аҭира иалагоит.

Америка идуӡӡоу адистрибиутертә еилахәыра Southern Glazer’s Wine & Spirits  ақырҭуа аҩы ҟаҧшь еиуеиҧшым ахкқәа рыҭира иалагоит Делавери,  Флоридеи,  Пенсильваниеи,  Ниу-Гемпшири аштатқәа рҿы.

Lost Eden    Америка ақырҭуа аҩы  20 000 ҧатлыкақәа рҭихьеит.

Аҩы амилаҭтә агентра адыррақәа рыла,   Еиду Аштатқәа,  ақырҭуа аҩы азы,  астратегиатә џьармыкьақәа иреиуп, аҵыхәтәантәи 5 шықәса рыла аҩы аекспорт зеиҧшҟамлац ала иазҳаит. Ҳазну ашықәс  раҧхьатәи  10 мза рыла, Қырҭтәылантә Америкаҟа идәықәҵан  804 нызқь ҧатлыка аҩы, ҵыҧхтәи иашьашәалоу аамҭа аҵкыс  33%-ла иаҳа ирацәаны.