Атуристтә портал  Big 7 Travel адыррақәа рыла, Қырҭтәыла адунеи аҿы аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит атәымуаа анахарала аусура ахьрылшо атәылақәа рыбжьара
Атуристтә портал  Big 7 Travel адыррақәа рыла, Қырҭтәыла адунеи аҿы аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит атәымуаа анахарала аусура ахьрылшо атәылақәа рыбжьара

 

Жәларбжьратәи атуристтә портал  Big 7 Travel аҿы икьыҧхьуп  атәымуаа анахарала аусура ахьрылшо атәылақәа ирызку аинформациа.  Абри аиқәыҧхьаӡаҿы Қырҭтәыла аҩбатәи аҭыҧ ааннакылоит.  Қырҭтәыла  —  анхаразы уадзыҧхьало,  иманшәалоу тәылоуп. Апандемиа ианалага ашьҭахь Қырҭтәыла,  анахарала аус зуа ауааҧсыра рзы апрограмма ҷыда аҧҵан…», — илҩиттә астатиа автор Меланиа Гамильтон.   Астатииаҿы иарбоуп  апроект «Қырҭтәыла аусура уалага» аҭагылазаашьақәа зну  Қырҭтәыла амилаҭтә администрациа азхьарҧш.

Апроект  «Қырҭтәыла аусура уалага» ихиаалоуп Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиаареи рминистрра иаҵанакәа Атуризм амилаҭтә администрациа ала.  Апроект хықәкыс иамоуп ахашәала ду змоу ауааҧсрыа анахарала аусуразы Қырҭтәылаҟа рыдыҧхьалара.