Атәылахьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Аҧыза-министр ибжьагаҩс дҟарҵеит Иракли Сесиашвили
Атәылахьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Аҧыза-министр ибжьагаҩс дҟарҵеит Иракли Сесиашвили

Атәылахьчареи ашәарҭадареи азҵаарақәа рзы Аҧыза-министр ибжьагаҩс дҟарҵеит Иракли Сесиашвили.

Иахьа Иракли Ҕарибашвили, аиҳабыра русмҩаҧгарҭаҿы, ибжьагаҩ ҿыц иҟны аусуратә аиҧылара мҩаҧигеит. Аиҳабыра рнапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, атәылахьчареи ашәарҭадареи  Қырҭтәыла аиҳабыра рзы ахадаратә ҵакы змоу аусхкқәа иреиуп, анеҩс, Иракли Сесиашвили иусураҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.

Иракли Сесиашвили  Қырҭтәыла X-тәи ааҧхьара апарламент далахәып, 2012-2020 шықәсқәа рзы иара 8-тәии 9-тәии ааҧхьара апарламент аҿы атәылахьчареи ашәарҭадареи азы акомитет дахантәаҩын.  Иара хазхаҭалатәии иҳәынҭқарратәыми асекторқәеи, иара убас, академиатә усхки аҿы кыршықәсатәи аусура аҧышәа ду имоуп.

Иракли Сесиашвили еиуеиҧшым азанааҭқәа рыла иреиҳаӡоу аҵара иоуит Қарҭтәи аҳәынҭқарратә университети, Ҳаидельбергтәии Бамбергтәии ауниверситетқәеи рҿы, Гамбургтәи ауниверситет аҭынчреи ашәарҭадареи аҭҵааратә институт ашәарҭадара аҭҵаара дмагиструп.