Атәылашҟа иаауа Қырҭтәыла атәылауаа рзы хымҧадатәи аҽыҧхьакра аҿҳәара еиҵартәит
Атәылашҟа иаауа Қырҭтәыла атәылауаа рзы хымҧадатәи аҽыҧхьакра аҿҳәара еиҵартәит

Аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Наҭиа Турнава ишаалыцҳаз ала, Қырҭтәыла иаҭаауа ауааҧсыра зегьы рзы ашәарҭадара аҧҟарақәа мариахеит.

Аминистр лажәақәа рыла, атәылашҟа иаауа Қырҭтәыла атәылауаа PCR тест мапкратә аҭак цәырыргар, 8 мшы аҽыҧхьакра ацынхәрас, ахҧатәи амш азы рхатә харџьла атест еиҭаҟарҵар рылшоит.

Иара убас, Наҭиа Турнава ишылҳәаз ала,  Қырҭтәылаҟа иаауа атәылауаа  PCR-тест алҵшәақәа рымамзар,  12 мшы ацынхәрас,  8 мшы аҽыҧхьакраҿы иҟазаауеит.