Ателемедицина ақыҭатә лабораториақәа рҿы  - Евроеидгылеи, ЕАР агентрақәеи, Агәабзиарахьчара аминистрреи апроект ҿыц анагӡара  иалагоит
Ателемедицина ақыҭатә лабораториақәа рҿы  - Евроеидгылеи, ЕАР агентрақәеи, Агәабзиарахьчара аминистрреи апроект ҿыц анагӡара  иалагоит

Ателемедицина ақыҭатә лабораториақәа рҿы. Евроеидгылеи, ЕАР агентрақәеи, Агәабзиарахьчара аминистрреи Қырҭтәыла  ацифратә гәабзиарахьчареи атехнологиақәеи рҿиара иазку апроект ҿыц еицынарыгӡоит.

Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, ателемедицинатә аибыҭара  50 ақыҭатә медицинатә усбарҭақәа рышҟа инагоуп. Иахьа агәабзиарахьчара аминистр Екатерина Тикараӡеи, Европатәи Ахеилак ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцели, Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара арегионалтә офис адиректор Сильвио Доментеи, ЕАР еснагьтәи акоординатор Сабина Махли Қвемо Мухровани иҟоу аполиклиника иаҭааит.

Аминистр апартниортә аиҿкаарақәа ҭабуп ҳәа ралҳәеит апроект анагӡара иахьацхрааз азыҳәан, лара ишазгәалҭаз ала, ателемедицинеи анахаралатә медицинатә маҵзуреи аҵакы ду рымоуп акоронавирус афактқәа шәарҭада рхылаҧшразы.

4,7 миллион  евро  иаҧсоу хышықәсатәи апроект  апандемиа аангьы уи ашьҭахьгьы  ауаа ргәабзиара арҕәҕәара иазкуп.