Аҷара акоронавирус амзызла даҽа ҳақьымк иԥсҭазаара далҵит
Аҷара акоронавирус амзызла даҽа ҳақьымк иԥсҭазаара далҵит

Аҷара акоронавирус амзызла даҽа ҳақьымк иԥсҭазаара далҵит. Иԥсҭазаара иалҵыз аҳақьым Баҭымтәи ареспубликатә ахәышәтәырҭа аҿы аус иуан.

Афакт ахәышәтәырҭа аҿы шьақәдырӷәӷәеит. Уа ачымазара лаҽы иман.

Аҷара акоронавирус амзызла рыԥсҭазаара иалҵхьеит ааҩык аҳақьымцәа.